Шәачатәи аҳазалхыҩцәа 400 кьыла ацха Аԥснынтәи алгара аԥдырҟәҟәааит

Изакәанымкәа аҳәаа иахыргоз атауар - ацхеи аевкалипт абӷьқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иргьежьын.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ҩымш рыҩнуҵҟа 400 кьыла ацха Аԥснынтәи алгара аԥдырҟәҟәааит аурыс-аԥсуа ҳәааҿы ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аҳазалратәи аҳәаахьчаратәи гәаҭараан автомашьына DODGE GRAND CARAVAN абагаж аҿы аинспекторцәа 285 кьыла ацхеи 200 кьыла аевкалипти рбеит.

Аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи иааныркылеит ареистә автобус "Аҟәа-Краснодар", Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз. Автобус асалон аҿы ирбеит 64,5 кьыла иҟаз 30 ԥаҭлыка ацха. Ахԥатәи автомашьына DAEWOO GENTRA аҟны ирыԥшааит 56 кьыла ацха.

Ацхеи аевкалипти акарантин иаҵанакуа аалыҵ иеиуоуп.

Абри аганахьала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп.

Шәачатәи аҳазалхра адыррала ахатәхархәаразы Урыстәылаҟа алагалара ҟалоит 5 кьылак еиҳамкәа ацхаалыҵ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: