Америкатәи аҳаирплан Амшын еиқәа аҵакыраҿ игәаҭан

Сынтәатәи аԥхынра иалагӡаны урыстәылатәи аҳәаақәа ирцәыхарамкәа аҳәаанырцә ҳаирпланқәа изныкымкәа игәарҭахьеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳаирплан Су-27 ыҵыԥрааит америкатәи аҳаирплан-ԥшыхәыҩ Амшын еиқәа акваториаҿы аанкыларазы ҳәа аҩуеит РИА Новости атәылахьчара аусбарҭа Амилаҭтә центр адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иазгәаҭоуп аҳауатә ҵакыра ахылаԥшра урыстәылатәи ахархәагақәа рылаԥш ишыҵашәаз аҳәынҭқарратә ҳәаа иазааигәахоз аобиект.

"Урыстәылатәи аҳаирплан Су-27 ыҵыԥрааит ЕАА АҲМ иатәу америкатәи аҳаирплан-ԥшыхәыҩ RC-135 Амшын еиқәа акваториаҿы аанкыларазы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Москва изныкымкәа иазгәарҭахьеит асеиԥш ахымҩаԥгашьа атәылақәа рыбжьара аибарххара иацнаҵоит ҳәа, Вашингтон ахь ааԥхьара ҟарҵеит асеиԥш ахаԥыррақәа мап рцәыркырц. Америкатәи амчрақәа ус ҟаҳамҵеит рҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: