Аԥсны акоронавирус жәохә хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит ҳәа иаарԥшу 572-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 164-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз азы игәаҭаз 85-ҩык рахьтә 15-ҩык рҿы ачымазара азгәаҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус ззышьақәырӷәӷәоу 53-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә фҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп, 11-ҩык - ибжьаратәуп. Ахәышәтәырҭахь инаргеит быжьҩык, илрыҩааит-фҩык.

Аоперштаб ауааԥсыра иргәаланаршәоит акоронавирус шрылам зҳәо анализқәа рзы ПЦР-диагностика иазку аинформациа абри аҭел ала еилыркаар шрылшо: 222 56 41.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>