COVID-19 змаз апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны дыԥсит

78-шықәса зхыҵуаз ахаҵа цәыббра 9 рзы иԥсҭазаара далҵит. Иара нанҳәа 29 рзы Гәдоуҭатәи ковид-центр ахь днаган.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. COVID-19 змаз ахаҵа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны дыԥсит цәыббра 9 рзы, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"78-шықәса зхыҵуаз ахаҵа, ҩ-ганктәи  аполисегментартә ковид-гәаҵәкра зманы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ишьҭаз цәыббра 9 рзы иԥсҭазаара далҵит. Иара убасгьы иман ашьақар чымазара, ашьақәыӷәӷәара, аҷаҷачымазара. Амедицинатә усзуҩцәа ирылшо зегь шыҟарҵозгьы аԥсыԥлагаҩагара азымхареи агәеисра аиԥҟьареи ирыхьҟьаны иԥсҭазаара далҵит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала иԥсыз иԥсыбаҩ иҭаацәа ирырҭоит асанитартә ҳақьымцәа рабжьгарақәа инарықәыршәаны.

"Аԥсыбаҩ иарку акәыба иҭазароуп. Аҭаацәа аԥсыжра иахьынӡалшо аҿҳәара дыркьаҿроуп, ауацәа-аҭахцәа ирмыԥхьароуп, ауаа рацәа адрымгалароуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Иахьазы Аԥсны COVID-19 рыманы ишьоуп 557-ҩык. Акоронавирус ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперштаб адыррақәа рыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 21-ҩык ирыдбалоуп. Акоронавирустә инфекциа апандемиа ааҟалеижьҭеи ареспубликаҿ фҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит COVID-19 иахҟьаны.
Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ ишьҭоуп 53 пациент.

ПЦР-диагностика анализқәа рҭакқәа роура алшоит абри аҭел ала: 222 56 41.

Акоронавирус ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперштаб ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит рхы иацклаԥшларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>