АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Баџьдатәи ахәаахәҭратә дәқьанқәа DutyFree рҟынтәи атауар Аԥсны аҵакырахь аагара алшоит Урыстәылатәи аҳәаа ахысра ашьҭахь ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы азинтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохьиаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, DutyFree аҟынтәи аалыҵ атәыла аҵакырахь алагалара аҳазалхратә закәанԥҵара иаҿагылоит.
"Ҳара еилаҳкаауазароуп баџьдатәи адәқьан иаабац дәқьанны ишыҟам, уа аҳазалхратә режим аус шауа. Уи аан атауар рҭиуеит аҳазатә баџьқәа, ашәахтәқәа уҳәа ршәарада. Ари арежим инақәыршәаны адәқьан аҿы ирҭиуа атауарқәа Аԥсны аҳазалхратә ҵакыра иалганы иргароуп", - ҳәа лҳәоит лара.
Гогохьиаԥҳа иазгәалҭеит ари аҩыза арежим аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ахаангьы аус шауаз. Уи инахырҳәҳәангьы аахәаҩ аҳазалхратә нормақәа рыла DutyFree атауар аахәара азин иман Аԥсны анҭыҵҟа дышцо шьақәзырӷәӷәо адокумент аныдирбалак ашьҭахь.
"Убри аан аус ауан Аминистрцәа Реилазаара адҵа, уи инақәыршәаны аҳәаа дахымскәа ауаҩы азин иман х-литрак арыжәтә аалыҵи ҩ-ҭоԥк асигареҭи. Ари узвысша ҭагылазаашьан", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.
Аха ари аҭагылазаашьа Аԥсны абжьаратәи абизнеси абизнес маҷи ирԥырхагахеит. Аҳазалхырҭахь ашшыԥхьыӡқәа нарышьҭуа иалагеит ҳәа лҳәеит Гогохьиаԥҳа.
"Еилкаахеит азакәан аҿы аԥсахра шаҭаххаз, ҷыдала абри апункт. Аԥсны аиҳабыра аилкаара аадырԥшит, уаанӡатәи аԥыза-министр Геннади Гагәылиа инапы зҵаиҩыз аусԥҟа апункт еиҭакын", - ҳәа азгәалҭеит лара.
"DutyFree" адәқьан аҟынтәи Аԥсныҟа аалыҵ алагаларазы аԥҟара ҿыцқәа амчра роуит рашәара 4 2020 шықәса инаркны.
DutyFree – баџьдатәи ахәаахәҭратә дәқьанқәа, аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аус зуа хәажәкыра 15 аахыс акарантинтә ԥкырақәа ирхырҟьаны аус руамызт. DutyFree Аҟәа араион абиуџьет ахь ихадароу шәахтәшәаҩуп. Абиуџьет алагалаҿы иара ахәҭа 50% артәоит.