Арадио

Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит ибаҳча еиуеиԥшым ахәаҷа хкқәа рацәыхьчаразы иҟаиҵо

Еиуеиԥшым ахәаҷа хкқәа ашәырқәеи ауҭраҭыхи аԥхасҭа рырымҭарц азы изладыршәо, ииааӡо ажь ахкқәа, иоуа аҽаҩра зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Дәрыԥшь ақыҭа анхаҩы, аҩы рацәаны иҭазҭәо Алхас Кәарцхьиа.
Sputnik
Кәарцхьиа еиҭеиҳәеит ибаҳча еиуеиԥшым ахәаҷа хкқәа рацәыхьчаразы иҟаиҵо

"Аус адулара аҭахуп. Зныкым-ҩынтәым азҵаара сырҭахьеит ужь аҟны, аџьықәреи аҟны изыҟами ҳәа (аԥхасҭа ҟазҵо еиуеиԥшым ахәаҷа хкқәа - аред.). Ҳара иаҳзышьӡом, иҳаршәоит. Сшәырҭра, аӡахәаҭраҟны икнаҳауп хә-литрак зкуа апластмасс иалху ԥшьба–хәба ԥатлыка. Урҭ рҟны Би-58, насгьы аколлоидтә тыҩша хәыҷык ҭаԥсаны аӡы ҭоуҭәар, афҩы цәгьоуп, убриала иҳаршәоит", - иҳәеит Кәарцхьиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: