Аҳақьым акоронавирус азы алаҵа ианымаало ачымазарақәа рыӡбахә иҳәеит

COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Аҳақьым-аиммунолог Владислав Жемчугов еиқәиԥхьаӡеит ачымазарақәа, акоронавирустә лаҵа зынӡа здызымкыло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акьыбачымазара хымԥада аиммунодепрессиа ацуп. Ганкахьала абри аан алаҵа аҭахуп, даҽа ганкахьала зынӡагьы иҟалом", - ҳәа иҳәоит Жемчугов.

Иара иажәақәа рыла, алаҵазы азҵаарақәа зегь зыӡбо аҳақьым иакәзароуп.

Жемчугов иара убасгьы COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟалом ҳәа иазишьоит ахьҭалаларатәи аутоиммунтәи чымазарақәа раан, ашьа ачымазарақәа раан, "краснаиа волчанка" ҳәа изышьҭоу ачымазараан.

Нанҳәамзазы COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа аус адулан Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: