Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аруаа "реибашьраан" аимадара шьақәдыргылеит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 1,5 нызқьҩык аруаа, 400 ак арратә техника, БТР-80 иақәгыло акомандаҟаҵара-штабтә машьынақәа, арадиостанциа "Азарт", а мобилтә радиорелеинтә хархәагақәа назлоу.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Аԥсны имҩаԥыргеит анапхгараҭаратә пунктқәа рыбжьара аимадара ашьақәыргыларазы ауснагӡатә комплексқәа, аҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

"Ашьхаратә полигон Ҵабал аҿы аимадаҩцәа еиқәдыршәеит ихьчоу аимадара, анапхгарҭатә пунктқәа рыбжьара иаартуи иаркуи аканалқәа рыла", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа раан игәаҭан ҳаамҭазтәи аимадаратә аппаратура ҷыда аусура еиуеиԥшым аканалқәа рҿы.

Уи адагьы аррамаҵзурауаа инарыгӡеит анапхгараҭаратә пунктқәа рыбжьара "аӷа иабашьраан" аимадара аиҿкаашьаз анормативқәа. Ашьхараҿи амшынԥшаҳәаҿи ахархәара рыҭан зыцәқәырԥа кьаҿуи зынӡа икьаҿӡоуи арадиостанциақәа ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: