Даҽа 38-ҩык: Аԥсны акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иацлеит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьхьоу ҳәа ишьақәыргылоу рхыԥхьаӡара 610-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 165-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциазы атестқәа рзыҟаҵан 273-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 38-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 58-ҩык, урҭ рахьтә 55-ҩык COVID–19 адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 5-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык апациентцәа. Пациентк ахәышәтәырҭа дҭырҩааит ҳәа азгәанаҭоит аштаб адырраҭараҿы.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачҳара аадырԥшырц, еилыркаарц ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа алшарақәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>