Арадио

Уанаҿа жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рзы: аԥсуа бираҟ ҳгәы шьҭнахуан

Аруаа жәларбжьаратәи рыхәмаррақәа рҟны Аԥсны агәыԥ анапхгаҩы, амаиор Алиас Уанаҿа арадио Sputnik аефир аҟны ахәмаррақәа рылҵшәа атәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысуан Москватәи аобласт, ацәыргақәҵатә центр "Патриот" аҿы. Урҭ рхы рыладырхәуеит ф-нызқьҩык аруаа злоу 250 команда.

 

Уанаҿа жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рзы: аԥсуа бираҟ ҳгәы шьҭнахуан

"Иҳалшоз зегьы дҳарбеит, даара ргәы иаахәеит зегьы. Атәым милаҭқәа ҳазбоз уамашәагьы ҳарбеит, ҳџьаршьеит. Акызаҵәык, ҳара иҳагыз, ахәмаррақәа ирымоуп рхатәы традициақәа, рхатәы ԥҟарақәа, убарҭ ртәы ҳаздыруамызт. Иара апротокол аҿгьы иарбамызт. Убри зегьы иаабеит, иаадырит, ҽааны ҳара ҳаҽрылаҳархәыр ҳҭахуп аицлабрақәа атәым милаҭқәа рҿы имҩаԥысуагьы. Ахәмаррақәа рхыркәшара амш азы имҩаԥысит урҭ раркра ацеремониа, идуны, иԥшӡаны, ҳбираҟ ҳаԥхьа иргыланы, уи ҳгәы шьҭнахуан даара. Аԥсуа бираҟ аҳәынҭқаррақәа зегьы рбиҟқәа раԥхьа игылан. Уи еиҳагьы ҳгәы шьҭнахуан, ԥхьаҟа иҳахон, иаҳгәаԥхон", - еиҭеиҳәеит Уанаҿа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: