Ҟаитан Иури Воронов изы: кавказҭҵаараҿы злагала еиҳада ҳәа усазҵаар, ихьӡ ауп схаҿы иааиуа
© Sputnik
"Иури Воронов иусумҭақәа еснагь актуалра рымоуп. Еиуеиԥшым аекспедициақәа напхгара рыиҭон. Археологиатә ҭҵааарақәа раан иаарԥшит имаҷымкәа ажәытә нхарҭақәа, аԥсыжырҭақәа, ажәытә қалақьқәа рыҭҵаараҿы алагала ду ҟаиҵеит. Кавказҭҵааҩцәа зегьы иусумҭақәа иазҿлымҳауп, уахь ихьаԥшуеит. Ҳара аҿарацәа иусумҭақәа ҳанрыԥхьо иаабоит, уи аҭҵаарақәа раан акгьы шацимҵоз, насгьы ишагимырхоз. Иҟоу шыҟоу иаартны иҳәон. Сара кавказҭҵаараҿы злагала еиҳа еиҳада ҳәа усазҵаар, иаразнак иара ихьӡ ауп схаҿы иааиуа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҟаитан.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Агәалашәара амш: Аҟәа Иури Воронов анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит