Даҽа 30-ҩык: Аԥсны акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара иацлеит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьхьоу ҳәа ишьақәыргылоу рхыԥхьаӡара 640-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 170-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, фҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциазы атестқәа рзыҟаҵан 235-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 30-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 63-ҩык, урҭ рахьтә 59-ҩык COVID–19 адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 5-ҩык, ибжьаратәуп - 9-ҩык апациентцәа. Хәҩык апациентцәа ахәышәтәырҭа иҭырҩааит ҳәа азгәанаҭоит аштаб адырраҭараҿы.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачҳара аадырԥшырц, еилыркаарц ареспубликатә санитартә-бактериологиатә лабораториа алшарақәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>