Думаа: аиспанка аамҭазы иҟаз ахацәыхьчара еиқәнархеит имаҷыз ҳмилаҭ
© Sputnik
"Иаҳбо аасҭа иҳаҳауа иаҳа еицәахеит уажәтәи аамҭазы. Аԥсуаа аӡә дыԥсыр, жәаҩык ԥсыр иаҳзаҩызоуп, ҳаиԥш амилаҭ хәыҷ азы. Ҳара еснагь ахыхьчареи аххылаԥшреи ҳаман, убри ҳцәыӡуа ҳалагеит. Ачымазара бааԥсы иҟоу иаҩызаз шәышықәса раԥхьагьы аиспанка ҳәа изышьҭаз ачымазараан имаҷымкәа иҭахеит ҳмилаҭ иреиуаз. Усҟан ҳазхылҵыз рхәыцрақәа даара иҳаракын, рхы ацәырыхьчеит. Усҟан иҟаз ахацәыхьчарақәа деиқәдырхеит саб. Усҟан ахеиқәырхашьа аформа иҟарҵаз иеиқәнархеит ҳауаажәлар", - ҳәа еиҭеиҳәеит Думаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ауаҩага ихьымӡӷ дууп, мамзаргьы "агәыргьынчмазареи" аԥсуа ҵасқәеи