"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Аԥсуаа ражәаҳәа иалоу аҵакырацәа зныԥшуа ажәақәак ирызкны лгәаанагарақәа ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Sputnik

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Адунеи иқәынхо ауааԥсыра зегьы еиԥшны ицәажәом, шамахамзар, ажәларқәа зегьы ирымоуп маӡа шәкы зҭаҵәаху ашәындыҟәра иаҩызоу рхатәы бызшәа. Абызшәа ианыруеит зегьы, изырҿиаз ажәлар рыхдырра, рҟәыӷара, рхатәы ҷыдарақәа.

Ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" ирызкны цәаҳәақәак

Абызшәаҿы ирацәаӡоуп аҿырԥштәқәа ажәак ҩба-хԥа ҵакы анаиуа. Уи аԥсуаа ҳамацара ҳҟны акәым, миллионҩыла иҟоу егьырҭ амилаҭқәа рбызшәаҿгьы иуԥылоит. Ҿырԥштәыс ҳҳы иаҳархәап аԥсуа бызшәа иалоу ажәа "агьазар".

"Агьазар" – ари ажәа раԥхьатәи аҵакы аҿы аусура зцәымӷу "бездельник" аанагоит. Аҩбатәи аҵакаҿы, "агьазар" ҳәа изырҳәоит аус уны, ирҳаз аԥара зегьы зфо-изжәуа, хыда-ҵыхәада аԥара зҟьо ауаҩы (урысшәала "шабашник"). Ҳазхьаԥшып анеиҩстәи ажәа "асыкь". Ари ажәа раԥхьаӡатәи аҵакы иаанаго, зхашәа хы мбо зҽыҟазҵо ауаҩ иоуп. Аҩбатәи аҵакаҿы "асыкь" ҳәа иашьҭоуп ауаҩы ишәҵатәы ахахәда изеибамыркуа, ихарчыланы аԥсылара иақәжьу.

Убас имаҷым ажәак аҿы ҩба, хԥа, ԥшьба ҵакы змоу егьырҭ ажәақәеи ахьӡқәеи. Маҷк иадамзаргьы, срылацәажәарц сҭахуп аҵакырацәа зныԥшуа иахьа зхархәара маҷхо иалагаз ажәақәак. Урҭ иреиуоуп:

Ауарцеи

Ԥштәыс иааҟоу зегь реиҳа иҟаԥшьы-цқьоу ауарцеи ҳәа азырҳәоит. Уи аҩыза аԥшшәы амреиԥш, ацәаҟәагьы иаанахәоит. Жәлар рҳәамҭақәа руак аҿы иуԥылоит абри аҩыза аҳәоу: "Дкьаҿынгьы дпалтыҟсамкәа, даунгьы дгьаргьалашьымкәа, деиқәангьы дсамсалымкәа, даԥшьынгьы дуарцеимкәа…" Абасала, аҟаԥшьқәа зегьы ираԥызго аԥштәы "ауарцеи" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "пурпур"). Ауарцеи – ари ажәа аҩбатәи аҵакаҿы аиха, абҩа, аџыр, убас егьырҭ аихажәлақәагьы, рырҭәара ашьҭахь, ашкәакәареи аиқәаҵәареи аламҵакәа, иаархәо аԥшшәы иахьӡуп. Ауарцеи – ари ажәа ахԥатәи аҵакаҿы ахьы, араӡны, абҩа, уҳәа убас ахьы иашьҭрақәоу зегьы ааилаҵаны, хьӡыс "ауарцеи" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "цветной металл").

Ажәар ахархәара қьарс иалоу

Аҭаҩа

Алымҳа аҩнуҵҟа абжьы зныҩуа ауаҩы ицәеижьхәҭа иахьӡуп аҭаҩа. Уи аҟара иҵаӷоу, ауаҩы ицәеижь аҿы даҽакы ыҟаӡам. Ауаҩы уаниацәҳауа ирҳәалоит: "Уи илымҳа аҭаҩара бзиастәит". Аҭаҩа, даҽакалагьы "аҭыҩ" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "перепонка"). Аҭаҩа – даҽакала алу иалаго ашыла зҭаԥсо иахьӡуп. Уи ԥшь-шьапык аҵаны, ԥшь-кәакькны ӷәыла еидчаԥаланы иҟаҵоуп. Ашәындыҟәра иеиԥшуп – ахҩа амаӡам.

Аҭаӡ

Идыру акоуп, ашәарыцараҿы ахьшь рхы ишадырхәо. Ашәарыцаҩ ахшь иманы хара данцо - инапы иқәԥраауа, аҽаҟьо, иӡыӡымкуа иҟамларцаз, асахҭан иалхны, иргәаҩаны ахы иахауҵартә ирӡахуаз "аҭаӡ" ахьӡуп. Аҭаӡ (урыс бызшәала: "колпак"). Аҭаӡ – даҽакалагьы, жәытәаахыс ауаа рхы иадырхәо амчра бааԥсқәа рацәыхьчагоуп. Изызҳауа ахәыҷы алаԥш, аҩсҭаа, аџьныш дырцәнахьчоит, иԥырхагахом ҳәа, ақьаад аҵәаӷәарсҭақәа анҵаны, еицарсаны, абырфын рахәыц аҵданы, ахәыҷы ихәда иахарҵон. Уи даҽакалагьы "амулашәҟә" ҳәа иашьҭан (урыс бызшәала иуҳәозар, "амулет").

Асақь

Асақь ҳәа изырҳәоит ауаҩы имҵарҵаз ихәы, хәашацк аанмыжькәа инықәырбзаа изфо. Ирҳәоит ажәаҿы: "Ихәы ирҭаз, дынҵәозшәа, исақьны дҩагылт" ҳәа. Абас ҟазшьаз измоу ауаҩы даҽакалагьы "амлаҟымлаҵә" (урысшәала "обжора") ҳәа ишьҭоуп. Даҽакалагь, асақь – ауаҩы игәы рҭынчны, дкаххаа дшыцәоу, инаиқәланы, имаз ахәыҷы еимҵәаны, акы аанмыжькәа, иӷәыхны агара "асақьра" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "грабеж").

Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

Аларцәа

Ашәақь аԥынҵаҿы, ацәҟьара кылкаагас, қәыԥшырҭас иарҭаз акәаԥ хәыҷы "аларцәа" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "мушка"). Иҟоуп аԥсуа ажәарццак, "Сшәақь аларцәа аӡы сцәаҿаҭәацәеит". Аларцәа – ианылашьцоу, уахьцо-уахьаауа узырбо амаҭәахәқәа ируакуп. Ажәытәан, ауаа рнеиааигас иҟаз афаитонқәеи адилижансқәеи ракәын. Урҭ ирыҵакыз аҽқәа ныҟәызцоз, амҩа ишықәыз ирцәыхәлар, раԥхьаҟа лашара-цәаарак рбарацы рхы иадырхәон "аларцәа".

Аҟаса

Дыррала иаҩцам, аха зҽырбабаны, жәа ҭлаԥҟала ицәажәо изырҳәоит "Акыр идыруашәа иҽырҟасаны ауп дышцәажәо". Ажәа "аҟаса" даҽакалагьы "аҽырҟәышра" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "умничать"). Аҟаса – амалуаа ирыҵакны ирымаз адгьылқәа рҿы хәыда-ԥсада, мчыла аус здыруаз анхацәа рџьабаа "аҟаса" ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "барщина"). Уажәтәи аамҭазы, ауаҩы иџьабаа анирымҭалак, ирҳәалоит: "Сџьабаа ҟасамзар, исуҭарауазеи?!" ҳәа.

Аӡырҩ

Аӡиасқәеи акәарақәеи рыццакра аӡырҩ ҳәа иашьҭоуп (урыс бызшәала "течение"). Аӡырҩ – ақәа анауа, аҩнқәа рхыб аҟнытә ҵаҟа излалбааҽҽо аҩны аԥшь-кәакьк аҿы иарҭо аӡырҩ ҳәа иашьҭоуп (урысшәала иуҳәозар, "желоб").

Иахьанӡагьы аԥсуа қыҭақәа рҿы ԥсышәа цқьала ицәажәо абыргцәа ражәаҳәаҿы иуԥылоит арҭ ҳазлацәажәаз ажәақәа. Урҭ абыргцәа анцәажәо зҿлымҳарыла урзыӡырҩыр, ражәа иалаҵаны ирҳәоит, ҳаамҭазы зхархәара ԥсыҽхахьоу, аха зеилкаара, здырра аҭаху ижәытәӡоу ажәақәеи ахьӡқәеи.

Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара аман ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкьиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: