Арадио

Сарсаниаԥҳа: ԥаса ашкол ахь ацара уамак изҭахымыз уажәы агәаҳәара ду рыманы иаауеит

Аҟәа араион аҵара аҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион ашколқәа рҟны сынтәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Сарсаниаԥҳа: ԥаса ашкол ахь ацара уамак изҭахымыз уажәы агәаҳәара ду рыманы иаауеит

Аҟәа араион аҟны ашколқәа жәаба аус руеит. Урҭ рҟны аҵара рҵоит 487-ҩык аҵаҩцәа.

Араион аҵара аҟәша аиҳабы Лиулиа Сарсаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны лцәажәараҿы иазгәалҭеит апандемиа аамҭазы асанитар-епидимиологиатә маҵзура иҟанаҵаз абжьгарақәа аҵара аусҳәарҭақәа рҟны иахьынӡауа ирықәныҟәоит ҳәа.

"Ҳашколқәа рҟны 65 шықәса инарҭысхьоу, аԥышәа змоу арҵаҩцәа бзиақәа 26 ҩык ҳамоуп. Урҭ асабрадақәеи анапҭарԥақәеи ныҟәыргоит аҿкы чымазара аҽацәыхьчаразы. Иахьазы аҿкы чымазара зыхьуа аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ҳамаӡам. Ашколқәа рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара амаҷра иахҟьаны акласс аҟны 15-16-ҩык роуп итәоу", - лҳәеит Сарсаниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит ашколқәа рҟны арҵаҩцәа разымхара шыҟоу. Шыцкәаратәи, Ӡыгәҭатәи ашколқәа рҟны аурыс бызшәа арҵаҩцәа рҭахуп, абиологиа, ахимиа амаҭәарқәа рыла арҵаҩы дырҭахуп Иашҭхәатәи абжьаратә школ, агеографиа амаҭәар рызҭо - Ҩада-Ешыратәи ашкол аҟны.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: