АҞӘА, цәыбба 14 – Sputnik. 2020-2021 шықәсқәа рзы ЕгрыГЕС аанкылара азыԥхьагәаҭаны афымцамч адефицит иартәараны иҟоуп миллиардки 404 миллион киловатт сааҭ, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-технологиатә напхгаразы адиректор Руслан Кәарҷиа асоциал-економикатә ҭҵаара Ацентр аилатәараҿы.
"Урыстәылатәи ахәԥсақәа рыла киловатт сааҭк 2,75 мааҭ иаԥсоуп, афымцамч аиура 3,8 миллиард мааҭ иҳазтәоит", - иҳәеит иара.
2021 хәажәкыра-лаҵара рзы мацара адефицит ахҩаразы, ауаа афымцалашара рымымхуа, аамҭа-аамҭала имырцәо иаҭаххоит 700 миллион киловатт сааҭ.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аенергетикатә система аибашьра ашьҭахьтәи еиҳа-еиҳа изызҳауа, аидара иахҟьаны авариатә режим алоуп аусура шымҩаԥысуа ҳәа.
"Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа уаанӡа иазгәеиҭахьан Урыстәылантә афымцамч аиура абҵарамза инаркны иаҭаххар ҟалоит ҳәа, избанзар ЕгрыГЕС иоунашьҭуа афымцамч, Аԥсны иахәҭоу 40% ахы ианархәахьеит.
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 азы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа –Қырҭтәыла. Амчхара— 1300 мегаватт инаӡоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ЕгрыГЕС аремонт амҩаԥгараан ацхыраара ҟанаҵоит
Урыстәылатәи аекспертцәа Аԥсны аенергетикатә система ҭырҵаауеит