Аԥсны акоронавирус жәаа хҭыс ҿыц азгәаҭоуп

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 674-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 186-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, 6-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 14- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 90-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 18-ҩык ачымазара шрылоу аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Уажәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 65-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 62-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 8-ҩык, ибжьаратәуп - 19-ҩык. Ҩыџьа рыхәышәтәразы атәыла анҭыҵ иргеит", - аҳәоит адырраҭара.

Аоперативтә штаб адырра ҟанаҵоит цәыббра 14, акоронавирус шрылам зҳәо анализқәа рзы ПЦР-диагностика иазку аинформациазы ауааԥсыра ахьасуаз аҭел 222 56 41 бжьысит. Аимадара иаарласны ишьақәыргылахоит.

Цәыббра 15 акоронавирус шрылам зҳәо анализқәа рзы ПЦР-диагностика аҭак рарҳәалоит амобилтә еимадарала.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>