Бжьаниа иҳәеит агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрыҭахо

Цәыббра 15 азтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ аус руеит 125-ҩык аҳақьымцәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедицинатә усзуҩцәа русуразы ралкаара ахәҭоуп ҳәа.

Аслан Бжьаниа ахәышәтәырҭаҿ иҟазаараан Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакиа диҳәеит амедперсонал рсиа азирхиарц.

"Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп рџьабаазы. Асиа азшәырхиарц сшәыҳәоит цәыббра 30 рҟынӡа. Алшара ҳаԥшаауеит", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра агоспиталь аҿы аус зуа аҳақьымцәа ашәарацҵақәа шрырҭало, аԥхьахәқәагьы ԥкрыда ишрызшәахало.

Цәыббра 15 азтәи адыррақәа рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ аус руеит 125-ҩык аҳақьымцәа. Иара убасгьы Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчаратә министррақәа реиныррала ара аус руеит урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи ргәыԥ.

Ахәышәтәырҭа иҭоуп 67 пациент, урҭ рҟынтәи 65-ҩык COVID-19 шрымоу шьақәырӷәӷәоуп. Хәҩык абокс ҷыдаҿы ишьҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: