Гәдоуҭатәи автоинспекциа аусзуҩцәа аҵарҭышазы иаанкылоуп

Иаанкылоу амилициауаа 12 шықәса рҟынӡа ҭакрыла ирықәырҵар алшоит Аԥсны АЗ инақәыршәаны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 15– Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Гәдоуҭатәи аҟәша аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ иҟынтәи аҵарҭыша агаразы иаанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа 2020 шықәса цәыббра 11 рзы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа раан агәаҭаратә ҭыԥ "Бамбора" аҿы иааныркылеит Гәдоуҭатәи АААУ ААИИ аусзуҩцәа Урыстәыла атәылауаҩ иҟынтәи аҵарҭыша агаразы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 285 актәи ахәҭа (амаҵзуратә напынҵақәа ахрархәара); ахәҭаҷ 292 аԥшьбатәи ахәҭа апункт  "а" (амаҵзурауаҩ аҵарҭыша игара).

Автотуристцәа ирышьҭашәарыцо: Бжьаниа аоперативтә експериментқәа мҩаԥгатәуп иҳәеит

Амаҵзуратә напынҵақәа реилагараз 10 - 20 нызқь ахараԥса артәоит ма рмаҵзураныжьра, ма хәышықәса рыҩныҵҟа усхкқәак рымҩаԥгара азин рымаӡам, мамзаргьы 1-4 шықәса аҭакра.

Аҩбатәи ахәҭаҷ иазыԥхьагәанаҭоит 7-12 шықәса аҭакра, амазара амхрагьы нацҵаны.

Нанҳәа анҵәамҭазы Аслан Бжьаниа аиҳабыра реилатәараҿы анапынҵа ҟаиҵеит аоперативтә експериментқәа мҩаԥгазарц "автотуристцәа ирышьҭашәарыцо" шьақәыргыланы раанкыларазы.