Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 52-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 726-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 192-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, 7-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 15- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 172-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 52-ҩык ачымазара шрылоу аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Уажәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 66-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 63-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп хҩык, ибжьаратәуп - 17-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп фҩык", - аҳәоит адырраҭара.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>