Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу рыхьӡқәа ҳәоуп

Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ес-хышықәса анашьара мҩаԥыргоит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. 2017–2019 шықәсқәа рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рҟны иалкаахаз Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Аԥхьахә ранашьоуп:

  • Барцыцԥҳа Белла – Аԥсны имҩаԥысуаз сталинтәи арепрессиақәа ирызку апублицистикатә усумҭақәа рсериа "Абааҭатәи аццышәқәа" азы;
  • Касланӡиа Беслан, Шаменкова Светлана – Афон Ҿыц абжьаратәи ашкол ареконструкциазы;
  • Чачхалиа Денис – аизга "Апоезиатә еигәныҩра" (аиҭагақәа) азы.

Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа раԥхьаӡа акәны ишьаҭаркын 1967 шықәса рзы. Раԥхьатәи алауреатцәа иреиуоуп Баграт Шьынқәбеи Иван Папасқьыри.