Аԥсны 42 коронавирустә хҭыс ҿыц аарԥшуп

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа 825-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәдыргылахьеит. Урҭ рахьтә 235-ҩык апациентцәа ргәы бзиахахьеит, 7-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 187-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 43-ҩык ачымазара шрылоу аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 73-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп ааҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп жәҩык", - аҳәоит аацҳамҭа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>