Никарагуа Ахьыԥшымра Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Ареспублика Никарагуа аҿы Ахьыԥшымра амш иазгәарҭоит цәыббра 15 рзы. 1821 шықәса рзы Ацентртә Америка иҟаз, Никарагуа назлаз Испаниа аколониақәа Британиа аҟынтәи ишхьыԥшым атәы рыларҳәеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Цәыббра 18 азы Никарагуа Ахьыԥшымра амш иазкны Аҟәа афотоцәыргақәҵа аатит.

"Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит ҩымш. Ауаа ааилар ауеит Никарагуа иазку афотосахьақәа, авидеороликқәа рбаразы. 70 инарзынаԥшуа усумҭа ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Никарагуа аҳаҭыртә консул Алиас Ҳашба.

Афотосахьақәа рыхәҭак ҟаиҵеит аԥснытәи афотоҭыхыҩ Александр Попов. Иара шықәсқәак раԥхьа Никарагуа дыҟан. Атәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа ҭихуан.

"Аԥсни Никарагуеи рыбжьара иҟоуп еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ нап рыҵаҩуп. Ҳара иаҳҭахуп дара ахьалыршахаша аплатформақәа раԥҵара. Аиқәшаҳаҭрақәа аус руазароуп. Аиҳаракгьы абанктә усуразы амеморандум аусура иаларгатәуп. Аиқәшаҳаҭрақәа аус руларцаз апроектқәа аҭахуп", - иҳәеит Ҳашба.

Афотоҭыхыҩ Александр Попов иазгәеиҭеит афотоцәыргақәҵа бжьымш инарзынаԥшу архиара дшаҿыз.

Никарагуа Ахьыԥшымра Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәа

"Сара иҟәандаӡа сгәалашәара иацуп никарагуатәи ауааԥсыра. Аԥсны ауаҩы дануҭаауа уҽазушәоит пату иқәҵара, атәыла аԥшӡара ирбара. Никарагуа сара сзабадырыз аҭыԥантәи арԥарацәагьы ртәыла сдырбон. Ақалақьқәа снарылга-аарылго сахьнаргааргоз акаҳуа ахә сшәар руамызт, аресторан аҿгьы убас.  Наџьнатә ирдыруаз аӡә сакәызшәа пату сықәырҵон", - иҳәеит иара.

Попов Никарагуа иҟаиҵаз аҭыхымҭақәа ирылоуп авулканқәа рфотосахьақәа. Урҭ иара изы аҵакы рымоуп.

"Паранла адгьылбжьахахь амҩа санықәыз авулкан, аҷнышқәа, амшын рфотосахьақәа маҷымкәа иҭысхит. Урҭ сара исгәаԥхақәо иреиуоуп", - иҳәеит афотоҭыхыҩ.

Никарагуа ахада Даниель Ортега 2008 шықәса цәыббра 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра шазхеиҵаз рылеиҳәеит  никарагуатәи ар ашьаҭаркра 29 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәаҿ аруаа рҿаԥхьа дықәгыло. Иара убасгьы иҳәеит урыстәылатәи аган дшадгыло Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реимакы аҿы.

Никарагуа Ахьыԥшымра Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Аԥсуа делегациа раԥхьаӡа акәны Никарагуаҟа ицеит 2010 шықәсазы. Усҟан аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Аԥсни Никарагуеи рхадацәа Манагуа рнапы аҵарҩит аиҳабырабжьаратә документқәа жәпакы.

Никарагуа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхазҵаз рахьтә ихароу аҳәаанырцә иаҵанакуа раԥхьатәи тәылахеит, официалла аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапы зыцаҵазҩыз раԥхьатәи аҳәаанырцә ҳәынҭқаррахеит.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы - Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра, Авизадатә еиҭанеиааиразы аиқәшаҳаҭра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банки Никарагуа Абанк хадеи рыбжьара агәҭакқәа рзы амеморандум, Ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи, ахәаахәҭратә мшынныҟәареи, аҳаиртә еимадареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа.

Никарагуа Ахьыԥшымра Амш иазкны афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Аганқәа хыдҵаны иргеит ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа дырҿиаларц, анаука, акультура, аҵарадырра русхкқәа рҿы аусеицура мҩаԥыргаларц. Иара убасгьы еилацәажәеит  еиуеиԥшым аекономикатә усхк аҟны аҟазауааи, аҵарауааи, астудентцәеи еимырдаларц, еиҿкааралатәи ацәгьоурақәа, атерроризм, анаркотикқәа рконтрабанда ирҿагылаларц.