АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik. Даҽа 53-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә чымазара шрылоу шьақәырӷәӷәахеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭан 195-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә ачымазара рыдбалоуп 53-ҩык", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭа.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 81-ы апациентцәа, урҭ рахьтә 78-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп фҩык, ибжьаратәуп 13-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп хәҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>