"Даара иманшәалахеит, аха, ишыжәдыруа еиԥш, уи зныкала иҟалаз усым. Акыр шықәса ҳашьҭан, ҳазҿлымҳан амҩа акаҭран ақәҵара Аҟәантәи ҳазҵаныҳәо амонастыр аҟынӡа… Атуристцәа рзы акыр иманшәалахеит, аха убасгьы ҳара ҳтәылауаа бзиа ирбоит Каманҟа аара. Сара игәасҭеит, иаҳа лассы-ласс иаауа иалагеит. Ара уԥсы ахьушьаша аҭыԥқәа ыҟоуп. Ахәыҷқәа ааргоит, аҳауа цқьа рфоит, ауахәамаҟны анцәа иҳәоит. Абри традициа бзианы иҟалеит, сеигәырӷьоит Каман бзиа иахьырбо Аԥсны иқәынхо. Рыхгьы бзианы имҩаԥыргоит, зны-зынла агәамсам аанрыжьлоит, аха уажәы иаҳа идрыцқьо иалагеит, апакетқәа ирҭаҵаны Аҟәаҟа машьынала иргоит агәамҭаԥсарҭақәа рахь. Акультуратә хымҩаԥгашьа аганахьала иаҳа еиӷьхо иалагеит", - ҳәа азгәеиҭеит Киут.
Иара иазгәеиҭеит ақыҭаҟны аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ршьа ахьықәыршоу аҭыԥқәа шырацәоу, игәазыҳәараны ишимоу урҭ рыхьӡала абаҳча аҟаҵара.
"Сара убас исҭахуп, Каман ацҳа аду инаркны ахәыҷы аҟынӡа абаҳча ҟарҵарц. Аԥсуаа иқәынхо зегьы еизаны, досу рыцԥхьаӡа ашәырҵлақәа еиҭарҳарц, абри милаҭтә паркны иҟаларц сҭахуп. Ауаа зегьы арахь ргәы ацԥыҳәаны иаауа, абри доуҳа ҭыԥны, аибашьраҟны иҭахаз ирызку абаҳча ду ҟасҵарц сгәы иҭан, сақәгәыӷуеит иҟалап ҳәа", - иҳәеит Киут.
Иара убасгьы дазааҭгылеит Гәыма иҟоу ауахәама иахьатәи аҭагылазаашьа, аусушьа атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҭарба Камантәи амҩазы: гәҭыхас ирыман анхацәа зегьы
Аигумен Игнати Аԥшьа Иоанн Ахьҿа Камантәи иуахәама аҭааҩцәа рзы: аԥсуаа иаҳа ирацәаҩхеит