Аԥснытәи аруаа Цхинвал апарад иалахәын

Сынтәа Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса ҵит. Цәыббра 20, 1990 шықәса рзы Жәлар рдепутатцәа рхеилак ирыдыркылеит аӡбамҭа Аахыҵ Уаԥстәылатәи автономтә област астатус СССР иалахәу Адемократиатә республика аҟынӡа ашьҭыхразы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аԥснытәи аруаа, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа абираҟмҩангаҩцәа ргәыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад иалахәын ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра 30 шықәса ахыҵраз апарад мҩаԥысит Цхинвал, Атеатр ашҭаҿы цәыббра 20 рзы. Апарад иалахәын Атәылахьчара аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аԥшьбатәи агвардиатә арратә база рбираҟныҟәгаҩцәеи рпарадтә расчиотқәеи.

Аԥснытәи аруаа Цхинвал апарад иалахәын

Цхинвал имҩаԥысуа арратә парад иалахәын Аԥснынтәи 46-ҩык акурсантцәа. Аныҳәатә марш амҩаԥгара иалахәын ареспублика анапхгареи асасцәеи.

Апарад идикылон атәыла ахада Анатоли Бибилов, апарад адҵаҟаҵаҩыс дыҟан Ареспублика атәылахьчара аминистр ин.н., аинрал-леитенант Ибрагим Гассеев.

Анатоли Бибилов ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи аныҳәа рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит ари амш иналукааша ҭоурыхтә рыцхәны ишыҟоу.

"Иахьа иҵит 30 шықәса Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика шьаҭаркуижьҭеи. Цәыббра 20, 1990 шықәса рзы Жәлар рдепутатцәа рхеилак ирыдыркылеит аӡбамҭа Аахыҵ Уаԥстәылатәи автономтә област астатус СССР иалахәу Адемократиатә республика аҟынӡа ашьҭыхразы", - иҳәеит Бибилов.

Ахацәа-аруаа инарывагыланы аҳҭнықалақь ашҭа хада иқәсит Атәылахьчара аминистрреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәса рпарадтә расчиотқәа.

Аршьаҟауаа рколонна анымҩас ашьҭахь ашҭа иқәсит Атәылахьчара аминистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи арратә базеи ртехника.

Апарад ахыркәшамҭаз Атәылахьчара аминистрреи аҳаҭыртә ҟарул аротеи Ареспублика Даӷьсҭан арратә оркестри еицықәгылеит.

Уаанӡа имҩаԥган Атәылахьчара аминистрра арратә еилазаара аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа.

Апарад иалахәын Атәылахьчара аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аахыҵ Уаԥстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аиустициа аминистрра, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аԥшьбатәи агвардиатә арратә база рбираҟныҟәгаҩцәеи рпарадтә расчиотқәеи УА АМ хаз игоу рмотохысратә бригада арратә оркестр (Ареспублика Даӷьсҭан).

Ареспублика атәылахьчара аминистр ин.н., аинрал-леитенант Ибрагим Гассеев Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа аныҳәатә уснагӡатәқәа иахьрылахәхаз азы иҭабуп ҳәа ахиҳәааит.

Аԥснытәи аруаа Цхинвал апарад иалахәын

"Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит аԥснытәи ҳколлегацәа Аахыҵ Уаԥстәыла рыҟазаара. Ақалақь-фырхаҵа Цхинвал ашҭа хада еицықәсуеит ҳпарадтә расчиотқәа. Ари аҽазныкгьы иаанарԥшуеит ҳаиашьареи ҳаиҩызареи ԥгара шрықәым. Нагӡара ақәзааит Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны, Урыстәыла рыжәларқәа реиҩызара", - иҳәеит Гассеев.

Ареспублика атәылахьчара аминистр ин.н., аинрал-леитенант Ибрагим Гассеев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыруааи Урыстәылатәи Афедерациа АМ хаз игоу рмотохысратә бригада арратә оркестр амузыкантцәеи аусбарҭатә ҳамҭақәа ранеишьеит.

Аруаа иранашьан амедалқәа: "Арратә лшамҭазы", "Арратә еиҩызаразы", "Арратә фырхаҵаразы I аҩаӡара", "Арратә фырхаҵаразы II аҩаӡара", "Валери Хуыбылты", алкааратә дыргақәа: "Алшамҭақәа рзы", "Аҽалкааразы". Иара убасгьы иранашьан арратә чынқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.