Акомедиа "Амцҳәаҩ даҳҭахуп" Аԥсуа драматә театр аҿы, Аҳәынҭфилармониаҿы аҳәынҭқарратә жәлар роркестр аконцерт, "Аԥҳәыс бырг лаара" РУСДРАМ аҿы уҳәа егьырҭ акультуратә хҭысқәагьы – Sputnik Аԥсны афишаҿы.
Аурыс драматә театр
Цәыббра 22 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ аҟны идырбахоит атрагикомедиа "Аԥҳәыс бырг лаара". ХХ ашәышықәсаз иналукааша адраматургиатә пиеса, арежиссиор Антон Киселиус иинтерпретациаҿы.
Цәыббра 25 асааҭ 19:00 рзы РУСДРАМ асценаҿ аспектакль "Електра" арежиссиор Артем Устинов иқәыргыламҭала. Ажәытә бырзен трагедиа еиҭанаҳәоит аҭыԥҳа лаб лан лыбзиабаҩ дшишьуаз шаҳаҭс дшаиуз атәы.
Аҟәа, Леон имҩаду, 8
Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр
Цәыббра 23 асааҭ 19:00 рзы Аԥсуа драматә театр асценаҿ – аспектакль "Амцҳәаҩ даҳҭахуп" (абырзен драматург Дмитри Псафаса. Арежиссиор – Шалуа Гыцба).
Аҟәа, Пушкин имҩ., 1
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа
Цәыббра 23 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысуеит О. Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт. Аконцерт асас – Иулиа Чичерина.
Иара убасгьы аконцерт иалахәхоит: Виолетта Маанԥҳа, Алексеи Самарин, Антон Давидианц.
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хада
Цәыббра 22 рзы иаадыртуеит ацәыргақәҵа "Асахьаҭыхыҩ. Аамҭа. Агәалашәара". Ацәыргақәҵа азкуп 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аиааира 75 шықәса ахыҵреи.
Аҟәа, Лакоба имҩ., 31
Пицунда
Цәыббра 24 асааҭ 17:00 рзы Пицундатәи ауахәамаҿ дықәгылоит ауарӷанарҳәаҩ Лука Гаделиа. Апрограммаҿ мраҭашәара-европатәи, урыстәылатәи, аԥснытәи акомпозиторцәа рмузыка.
Пицунда, Гицԥҳа лымҩ., 8.