"Ичмазаҩу маҷҩуп": ААУ аҟны актәи акурсаа рзы аҵаратә процесс хацыркхеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵаратә процесс иалагараны иҟан цәыббра 14 рзы, аха уи аҿҳәара инахан.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 21 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵаратә процесс иалагеит актәи акурсқәа мацара рзы ҳәа аинформациатә маҵзура Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа.

"Аҵара иалагеит актәи акурсаа, нас маҷ-маҷ егьырҭгьы адыԥхьалахоит. Апрограмма иазхәыцны иҟаҵоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Иара убасгьы аректор иазгәеиҭеит астудентцәеи арҵаҩцәеи рыбжьара акоронавирус змоу шыҟоу.

"Ичмазаҩу ыҟоуп, аха урҭ маҷуп, арҵаҩцәа рыбжьара - ԥшьҩык, астудентцәа рыбжьара - хәҩык-фҩык. Урҭ ҳәарада ауниверситет ахь иныҟәом", - иҳәеит Алеко Гәарамиа.

Ауниверситет аҿы акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы абжьгарақәа зегьы ирықәныҟәоит: ианыҩнало ршоура ршәоит, адистанциа азгәарҭоит, асабрадақәа ныҟәыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: