Арадио

Кәакәасқьыр еиҭеиҳәеит Гал алагарҭатә класс аҟны аԥсшәа дырҵара ишалагаз

Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәкәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит алагарҭатә классқәа рҟны ԥышәарак аҳасабала аметодика ҿыц ала аԥсшәа дырҵара ишалагаз.
Sputnik
Кәакәасқьыр еиҭеиҳәеит Гал алагарҭатә класс аҟны аԥсшәа дырҵара ишалагаз

"Леуан Миқаа напхгара зиҭо Баграт Шьынқәба ихьӡ зху абызшәа арҿиаразы агәыҳалалратә фонд арҵагатә шәҟәқәа ҭнажьит аԥсуа бызшәа дырҵаразы. Сара аӡыргара интернетла ианызба, арҵагатә хархәагақәа равторцәеи сареи ҳаигәныҩит. Ирасҳәеит галтәи ашкол аҟны арҭ ашәҟәқәа рыла аԥсуа бызшәа дырҵара ҳалагарц. Сынтәа аҽазыҟаҵаратә класс аҟны иалаҳгалеит уи ашәҟәы ала аҵара", - иҳәеит Ахра Кәкәасқьыр.

Иара иазгәеиҭеит аҵарашықәс ахыркәшараан аԥсшәа аҵаразы галтәии аҟәатәии ашколқәеи рҟны аԥышәарақәа рылҵшәақәа шеиҿырԥшхо.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: