Акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа даҽа 59 азгәаҭоуп Аԥсны

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус 1054-ҩык ишрыхьхьоу аарԥшуп. Урҭ рахьтә 311-ҩык апациентцәа ргәы бзиахеит, быжьҩык акоронавирус зыхьуаз рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Аԥсны даҽа 59-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. 

"Цәыббра 22 рзтәи адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы игәаҭан 198-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит 59-ҩык", - ҳәа аарыцҳауеит аоперштаб аҟынтәи.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 98-ҩык апациентцәа, дара зегьы ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп быжьҩык, ибжьаратәуп 31-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>