Аԥсны аҳәааҿы асигаретқәа закәаншьаҭада ишахыргоз иаанкылоуп

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа еиԥдырҟьеит 1600 пачка аҭаҭын аалыҵ контрабандала Урыстәылаҟа аҳәаа ахыгара. Аҭаҭын аалыҵ изтәыз ирымхуп, иара убасгьы ирымхуп изламҩаныргоз "аџьиԥқәа".
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иаанкылан аҭҭын аҵәахырҭа маӡақәа зҭаҟаҵаны иҟаз автомашьынақәа ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны аҳәааҿы асигаретқәа закәаншьаҭада ишахыргоз иаанкылоуп

"Шәача имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатәи аспорттәи уснагӡатәқәа рыламҭалаз (цәыбра 21-27 рзы ақалақь аҿы "Формула-1" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит  Урыстәыла Гран-при - аред.) ацәгьоурақәа рацәахо иалагеит аҳәаа изакәаным аалыҵ ахыгаразы. Уаанӡа аконтрабандистцәа аҵәахырҭа ҭыԥқәа ирымырхыр шауа дырны иажәхьоу амашьынақәа  рҟны иҭаҟарҵозар, уажәы зыхә дуу аиномаркақәа рхы иадырхәо иалагеит ҳарбарым ҳәа", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Абри аан иазгәарҭеит  ишаанкылаз автомашьына Nissan Armada. Аԥсҟы зкыз мап ацәикуан адекларациа зҭаху атауар амазаара.

Аԥсны аҳәааҿы асигаретқәа закәаншьаҭада ишахыргоз иаанкылоуп

Ус шакәызгьы аҳазалхратә гәаҭараан аҟазауаа-кинологцәа абылтәы зҭарҭәо абак аҿы амаӡаҭыԥ ҟаҵаны ишыҟаз рбеит. Уантәи иҭыган 490 пачка асигаретқәа. Атранспорттә хархәага асалон аҿы аԥхьатәи атәарҭаҿы иҭаԥҟаны иҟан аҽа ҵәахырҭакгьы. Уантә иҭыган 959 пачка асигаретқәа.

Еиҭахгьы аҳәаа ахысраан иаанкылан Toyota Sequoia. Ари амашьына арныҟәцаҩгьы аконтрабандатә сигарет аҳәаа ахыгара иҽазишәон. Амашьына иамаз аҵәахырҭақәа зегьы рҟынтәи иаарԥшын 730 пачка асигаретқәа.

"Аҭаҭын аалыҵ Аԥсны иаахәан. Акоммерциатә хықәкала Урыстәылаҟа аҭира иргон", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Изакәаншьаҭадаз атауари амашьынеи изтәыз ирымхын. Аҭаҭын аалыҵ аекспертизахь инашьҭын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: