COVID-19 рымоуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу рзы ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы аҟәша ҷыда аадыртуеит

Аобсервациатә ҟәша аадыртраны иҟоуп ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы, "акоронавирус" рымазар ҟалоит ҳәа агәаанагара ззыҟоу апациентцәа ишалшо ала ацхыраара ласы роурц азы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Аобсервациатә ҟәша аадыртраны иҟоуп ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит  ахәышәтәырҭа атерапиа аҟәша аиҳабы Нелли Џьынџьиа.

"Хаз аҩналарҭа ҟалоит, апалатақәа хазхоит. COVID-19 имазар ҟалоит ҳәа ҳгәы иззаанагаз апациент уахь днаагоит. Иаразнакы ирго анализ аҭак ҟалаанӡа уа даанхоит", - лҳәеит лара.

"Атест алабораториахь иҳашьҭуеит. Аҭак ҳауаанӡа ауаҩы аобсервациатә ҟәшаҿы дыҟазаауеит", - лҳәеит лара.

COVID-19 шимоу шьақәырӷәӷәахар, апациент дуадаҩымзар, иҩныҟа дрышьҭуеит ҽыԥхьакра. Иҭагылазаашьа бжьаратәзар, ма ихьанҭазар – Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дрышьҭуеит ҳәа азгәалҭеит Џьынџьиаԥҳа.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 101-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 99-ҩык ари адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа хьанҭоуп фҩык, ибжьаратәуп 15-ҩык. Ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭаҟнытә иоушьҭуп хәҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: