Цәыббра 24 рзы Аҟәа ақалақь агәы ӡыда иаанхоит

Амуниципалтә унитарнтә наплакы "Аӡыканал" адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь агәҭа иалсуа амҩадуқәа рҟны аӡымҩангага аремонт ахьыҟарҵо иахҟьаны аамҭала аӡы шаанкылахо азы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 23- Sputnik. Аԥшьаша, цәыббра 24 рзы Аҟәа аӡрыжәтә аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Ӡыда иаанхоит ақалақь абарҭ араионқәа: Аҳабла жәытә, Ешба имҩа, авокзал, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, аџьармыкьа.

АУН "Аӡыканал" ауааԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭанаҵоит аамҭала изықәнаршәо аманшәаламра азыҳәан.