Аиааира Амш аламҭалаз Аԥсны амнистиа рылаҳәахоит

Амнистиаз ақәҵара азинмчра аиуеит ианыркьыԥхь инаркны ҩымз рыҩнуҵҟа. Азакәан апроект рыдигалеит адепутат Валери Агрба.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Аԥсны Апарламент аҟны ирыдыркылеит ақәҵара "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи Аиааира Амши – цәыббра 30, 2020 шықәса, 27 шықәса рхыҵра инадҳәаланы амнистиа рылаҳәаразы" ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Азакәан апроект рыдигалеит адепутат Валери Агрба.

Апарламент ақәҵара инақәыршәаны амнистиа иаҵанакуеит:

1. Хышықәсанӡа зус ӡбаны иҭаку.

2. Хәышықәсанӡа зус ӡбаны иҭаку:

  • Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа, арезервистцәа;
  • 2008 шықәсазы Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа алахәылацәа;
  • раԥхьаӡа акәны ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоу;
  • аҳәса.

3. Рхы иақәиҭыртәуеит рыҿҳәара иахьмырԥшыкәа:

  • машәырла ацәгьа зуыз;
  • зықәра намӡац ахәыҷқәа ма аинвалидцәа змоу, зцәа зтәым аҳәса;
  • 55 шықәса иреиҳабу аҳәса, 60 шықәса еиҳабу ахацәа;
  • I - II агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа, I-II агәыԥқәа ирыҵаркуа агәыҵәкра змоу, акьыбачымазара змоу, III-IV аклиникатә гәыԥ иаҵанакуа иара убасгьы аинсульт зхызгаз;
  • зықәра намӡац.

4. Амнистиахь иаҵанакуеит ақәҵара амчра аиуаанӡа ирықәу ахәҭа зхызымгаци иара убасгьы ахақәиҭра алхәдатәра иаҵаркым ҳәа ахара зыдҵоуи.

Ақәҵара инақәыршәаны иаанкылахоит аҭҵааратә усбарҭақәа, заанаҵтәи аусҭҵаара аусбарҭақәеи аӡбарҭеи аус здыруло амнистиаз ақәҵара амчра аиуаанӡа имҩаԥгаз ацәгьоурақәа рзы аусшәҟәқәа абри Ақәҵара ахәҭақәа 1, 2, 3 рахь иаҵарку ахаҿқәа рганахьала.

Амнистиахь иаҵаркым ацәгьоура хьанҭақәа ҟазҵаз ахаҿқәеи уаанӡа ариашара акти амнистиеи зоухьаз ахаҿқәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: