Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа акоронавирус иахырҟьаны рыҿҳәара инахоит

Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥгахараны иҟоуп 2020 шықәса абҵара 1 азы. Ақалақьтә еизарахь адепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит 2020 шықәса абҵара 1 азы имҩаԥысраны иҟаз аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны рыҿҳәара инахазарц ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҟәа адепутатцәа Бжьаниа идыргалеит аҭыԥантәи аиҳабырахь алхрақәа ахырԥазарц

Апарламентарицәа рыбжьы рҭиит ақәҵара апроект "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рыҿҳәара анахаразы" азы.

2020 шықәса абҵара 1 азы имҩаԥысраны иҟаз аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рыҿҳәара анахара аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьоуп ҳәа иҳәеит азакәан апроект рыдызгалаз адепутат Лаша Ашәба.

Ақәҵара амчра аиуеит ианрыдыркыла инаркны. Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа 2020 шықәса абҵара 1 азы имҩаԥысраны иҟан.