Кобахьиа Лаврик Амқәаб изы: агәаӷь змаз, пату зқәыз еибашьҩын
© Sputnik
Атәыла раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иабалак ириҭомызт ҳәа азгәеиҭеит Кобахьиа аиҿцәажәара алагамҭаз.
"Иара деибашьуан Мрагыларатәи афронт аҿы, Тҟәарчалтәи аполк командирс даман. Тҟәарчалаа ирылшаз рацәоуп аибашьраан, уи баша-маша далырхуамызт аполк еиҳабыс. Аибашьраҿы агәаӷь змаз, пату зқәыз аибашьҩы иакәын. Иареи сареи ҳаибадырит Егры ацҳаҿы Аиааира амш аҽны, убри аахыс аиҩызара ҳабжьан. Аибашьра ашьҭахь акыраамҭа Гал араион аус еицаҳаухьан. Иара аӷьеиҩҳәа иҟаз аԥсуа ҷкәына бзиа иакәын", - ҳәа иҳәеит Кобахьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.