АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Аԥсны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара 68-ҩык рыла еиҳахеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. Цәыббра 25 рызтәи аҭагылазаашьа абас иҟоуп:
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу гәаҭан 236-ҩык атәылауаа, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзышьақәырӷәӷәоуп 68-ҩык", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-а апациентцәа, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп 99-ҩык, рҭагылазаашьа хьанҭоуп 13-ҩык, ибжьаратәуп 23-ҩык, илҩаауп 6-ҩык.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>