Арадио

Табаӷәуа "Абџьар азы" азакәан азы: изабалак инеины иныҟәыргаразы азин роуа иҟамлароуп

Аԥсны Апарламент аҿы аҩбатәи аԥхьарала "Абџьар азы" азакәан апроект рыдыркылеит. Уи азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаангара иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа.
Sputnik
Табаӷәуа "Абџьар азы" азакәан азы: изабалак инеины иныҟәыргаразы азин роуа иҟамлароуп

"Азакәан уҳәар ауеит ицәгьамкәа иазыҟаҵоуп ҳәа, аха иҟоуп еиҭа азҵаарақәа азакәан аҿы иуриашаша, убарҭ ҟалар, ари ҩынтәны ауп ишҳадаҳкылаз, макьана алагаларақәа ҟауҵар ауеит, уи сақәшаҳаҭуп. Сара акызаҵәык сзықәшаҳаҭым, убра иануп абџьар аныҟәгара, иахьатәи аамҭаз, сара сгәаанаарала, абџьар аныҟәгара азин рымазароуп изыхәҭоу. Уи амилициа далоума азинхьчартә усбарҭақәа рҿы аус иуама, егьырахь дазусҭазаалакгьы, ашәарыцара дцозар - уи ҽакуп акәымзар, аныҟәгара изабалак инеины азин роуа иҟамлароуп. Уажәы аԥшаҳәаҿы иубоит аҿар иршәу амаҭәа иалыҳәҳәо абџьар шрымоу, иурбо ақалақь алалара сгәы иаанагоит иахәҭам азин рыҭара. Убри аганахьала азакәан саҿагылоит, сыбжьы засҭазгьы уи ахәҭаҷ дыриашоит азоуп, мап анакәха, сыбжьы сҭиӡом", -  еиҭеиҳәеит Табаӷәуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: