Абџьар аныҟәгаразы азин зыҭоу рхыԥхьаӡара шәарҭоуп иҳәеит Аԥсны ААР аминистр

CC0 / / Пистолет
Пистолет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар ипресс-конференциа мҩаԥысит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы.

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Абџьар аныҟәгаразы 2267 зин рыҭан аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы имҩаԥысыз ипресс-конференциаҿ.

"Атәыла ахада анапынҵа ҳаиҭеит. Ҳара адокументқәа зегьы азҳархиеит. Абџьар аныҟәгаразы 2267 зин рыҭан аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа. Атәылазы ари рыцҳара дууп. Ҳара ҳахь инанаго ауаа абџьар аныҟәгара азин рымазаргьы абџьар рымаҳхуеит, Аԥсны ААР, Аԥсны АШәМ рҟны ашәҟәы иҭаагалоит, акриминал иалаҟьашьымзар, иҳархынҳәуеит аҵәахразы азин иҭаны", - иҳәеит Дбар.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит иахьазы 17 ак шрымху. Убри аан Дбар атәылауаа ахара рыдиҵом. Уи азы урҭ аԥара рымырхуан.

2017 шықәса рзы Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит абџьар аикәыршаразы азакәан апроект. Азакәан аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдрымкылац. Дмитри Дбар агәра ганы дыҟоуп азакәан шхымԥадатәиу азы.

Азин ҟазҵаз ауаа ракәзар, Дбар иажәақәа рыла, румҭа азинтә хәшьара аҭахоит апрокуратуреи дареи русеицура ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0