"Хықәкыс иҟоу акоуп – аибадырра, нас аусеицуроуп, еиуеиԥшым ацҳақәа ҳабжьаҵара. Аицәажәара анаҩс ҳазааит хазы игоу ауниверситетгьы академиагьы рыбжьара аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵарц. Аӡәырҩы ҳара ҳаспециалистцәа иара ауниверситет аҵарауааи аус еицыруеижьҭеи акрааҵуеит. Аиԥылара даара иԥханы имҩаԥысит, ҳаизааигәазтәуа амҩақәа ртәы ҳалацәажеит. Сара исҳәеит атехнологиа ҿыцқәа рзы Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала, анаука аганахьала иамоу атрадициала ишалыршахоз ҳалшарақәа еиԥшьны џьара центрк ма институтк аԥҵара. Аҵарауаа иааз рыгәҭакқәа сгәаԥхеит, ҳаргьы ҳагәҭахәыцрақәа ртәы ҳҳәеит, ҳаиԥылара алҵшәа бзиақәа аанашьҭып ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: