Аԥснытәи аҵарауааи Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситети аусеицуразы еилацәажәеит

© Sputnik / Асмат Цвижба Ученые Абхазии договорились о сотрудничестве с Северо-Кавказским университетом
Ученые Абхазии договорились о сотрудничестве с Северо-Кавказским университетом  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аусзуҩцәа рделегациа Аԥсны усутә ныҟәарыла иаҭааит.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет аусзуҩцәеи Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусзуҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа, цәыббра 24 рзы.

Награждение в Академии Наук - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ақыҭанхамҩа аинститут аиҳабы Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа далахәылахеит

Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, рколлегацәа раара хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусуреи аиҿкааратә структуреи реилкаареи Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университети Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи русеицура алацәажәареи.

Ԥхьаҟатәи аусеицура аԥеиԥшқәа дрылацәажәо, Џьапуа иазгәеиҭеит Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьеи аҳауатә ҷыдареи ареспублика аексперименттә ҭҵаарақәа рзы иҭыԥ бзианы ишыҟарҵо. Иара игәаанагарала, Аԥсны иалшоит ананотехнологиатә институти ареабилитациатә центри раԥҵара.

"Ҳара ҳхырхарҭақәа ирхадароу аинырра акурси аусеицуреи роуп. Асовет аамҭазы иҟаз аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа ирымаз аимадарақәа зегь реиқәырхара залмыршахеит. Дара еиԥҟьеит СССР анеилаҳа ашьҭахь, Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаз аполитикатәии аекономикатәии ҭагылазаашьақәа рышьҭахь, Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ареформақәа рышьҭахь. Убри азы ирацәоуп изызхәыцтәу, иҟаҵатәу", - иҳәеит иара.

Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет аректор Дмитри Беспалов иҳәеит ауниверситет ишазԥхьагәанаҭо "аԥеиԥш змоу ахырхарҭақәа аус рыдулара".

"Ҳара иахьа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭааит ԥхьаҟатәи аусеицуразы апланқәа ҳрылацәажәарц. Ҳуниверситет азыхиоуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи иареи афизика, ахимиа, ананотехнологиақәа, агротехнологиақәа, афатәаалыҵ атехнологиақәа, аполитологиа русхк аҟны аусеицура. Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьа ҷыда инадҳәаланы иалшоит иаԥҵахар атуризм, амедицина, ареабилитологиа русхк иатәу ацентр аԥҵара", - иҳәеит иара.

Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситет аԥҵан 2012 шықәса рзы - Нхыҵ-Кавказтәи аҳәынҭқарратә техникатә университет, Ставропольтәи аҳәынҭқарратә университет, Пиатигорсктәи аҳәынҭқарратә гуманитар-технологиатә университет рышьаҭала.

Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә университет ахь иаҵанакуеит: агуманитартә, анџьныртә, азиндырратә, аматематикеи аинформациатәи технологиақәа, Адгьыл азы аҭҵаарадыррақәа, аҵареи асоциалтәи ҭҵаарадыррақәа, аекономикеи анапхгареи, асервис, атуризми адизаини, афизика-техникатәи, ахимиа-фармацевтикатәи факультетқәеи арра-ҵаратә центри.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0