Акоронавирус змаз даҽа пациентк лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 1286 ыҟоуп. Ргәы бзиахахьеит 369-ҩык, жәҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Ԥшьынҩажәи жәаба шықәса зхыҵуаз, акоронавирус ззышьақәыргылаз Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа апациент лыԥсҭазаара далҵит цәыббра 25 рзы ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы оперативтә штаб.

Аԥҳәыс бырг Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь дааргеит цәыббра20 рзы, аԥсыԥлагаҩагара лцәыуадаҩны, ҩ-ганкахьалатәи агәаҵәкра лыманы.

"Атерапиа шылзыҟарҵозгьы лҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахон, арыԥҳа-аҳауаҭарсгатә аппаратгьы даҿаркит, аха уигьы лмыхәеит, ахәашаҽны лыԥсҭазаара далҵит. Апациентка агәачымазарақәа лыман, иара убас ашьақәыӷәӷәара ҳараки атеросклерози", - аҳәоит аоперштаб аацҳамҭа. 

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 216-ҩык ауаа рахьтә акоронавирус рыдбалан 41-ҩык.  

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаы ишьҭоуп 118-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 114-ҩык адиагноз COVID-19 рзышьақәыргылоуп. 14-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, 25-ҩык – бжьаратәуп. Хҩык згәы бзиахаз ылҩаауп.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>