Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсуа ԥҳәызбацәа рымаҭәа иахьатәи амода аҟынӡа иааиаанӡа аиҭакрақәа ирнысит. Амаҭәа иаанарԥшуан досу инапы злакыз аус. Ахацәа ркәымжәы, ркаба аибашьҩы ихаҿсахьа аныԥшуазар, аԥҳәыс лымаҭәаҟны иаарԥшу аҩны зхагылоу аԥҳәыс лхаҿсахьа ауп. Ихадароу уи лымаҭәа ахкқәа иреиуоуп: аҵкы, аиԥка, акасы, ахҵакыга, аԥыраҳәа.
Аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Инал-иԥа ишиҩуа ала, хаҵа ицахьаз аԥҳәызбацәа ԥшь-кәақьҭак змаз акасы аҵаҟа ирхарҵон х-кәакькны иҟаз акасы еицарсагьы, рхы злаҵаркуаз. Аԥҳәыс афатә аныҟалҵоз ахҵакыга лхамкәа акҿыҩра дыҩналомызт.
Аԥсуа ҭыԥҳацәа рымаҭәа агьама аҵаҵаны иршәырҵон еснагь. Урҭ уи дырԥшӡон еиуеиԥшым аҳәынҵәра ԥшӡақәеи, амаҟақәеи, аимхәыцқәеи рыла, аӡахырсҭақәа ирнырҵон асахьа ԥшӡақәа. Уажәеиԥш амаҭәа аахәарҭа алшара шыҟамыз ала, шамахамзар аҭыԥҳацәа аӡахышьа, ақәҵашьа рдыруан. Уи урҭ ишыхәыҷыз ирҵон. Аҭаацәара ианалалоз акәзаргьы, дара рнапала ирӡахыз амаҭәа, ампахьшьқәа ҳамҭас иҟарҵон.
"Ажәытә уажәеиԥш амаҭәа аархәо егьиуа иҟамызт, иаархәозаргьы, иаазгоз амалуаа ракәын, иара уигьы анҭыҵынтәи акәын ишааргоз. Зегьы рхала ирӡахуан. Аӡӷаб дшыхәыҷыз аӡахышьа лдырҵон. Усҟан хаҵа ицаша аӡӷаб анапҟазара лылоума ҳәа иазҵаауан. Сара сан, санду ибзианы иӡахуан, саргьы урҭ реиԥшҵәҟьа исзымҵазаргьы, ак ҟасҵақәоит. Абри афото иану санду, саб иан Арина Шармаҭ лоуп. Араҟа сара хышықәса схыҵуеит. Усҟан уи шыҟалҵаз сгәалашәо сыҟам, аха абра исшәу амаҭәа напылаҟаҵароуп. Асумка хәыҷ, акьанџьа искугьы – усҟан напыла иаҳзырӡахуан, уажәы иуҭаху зегь рзаархәоит ахәыҷқәа", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Оҭҳара ақыҭан инхо Таиса Ласариа.
Иазгәаҭатәуп аҩнымаҭәа адагьы, џьара излаҭыҵуаз амаҭәа хазы ишыҟаз. Баграт Шьынқәба ишиҩуа ала, аԥҳәызба цәырҵгас илымаз аԥсуа ҵкы ҳәа иҟаз "ажәҩақәа дырчуан, рцәа иадшәало ирҭшәан, амаӷра, анапы ахәдаҿы иҭшәан, ажәҩахь иааскьацыԥхьаӡа, идырҭбаауан. Ажәҩа инаркны амахәҿаҟынӡа амаӷра иадырӡахылон амҵәыжәҩақәа, ианныҟәо иԥырԥыруа ирышьҭан. Иара ахаҭа аун, ҵаҟа иаҳа иҭбаан, акалҭ аҿы аԥаԥар анахарԥсозгьы ыҟан. Аӡара ҭархханы, алада иаҳа еилышәшәо иҟан" ("Ахьырҵәаҵәа", 1990, ад. 456).
Аиԥка, аҵкы аԥыжәара шрымазгьы, аԥсуа ԥҳәыс илыцәтәыммызт аиқәагьы. Уи аԥҳәыс-еиқәа ахьӡын, иара аҭбаара аҭаны иӡахын, ашьапы ахәдаҿы аизгарҭа аҭаны. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьаҿы, аԥҳәыс лныҟәашәа аманшәаларазы абри аԥҳәыс-еиқәа рышьарҵон, аха иара ахыхь иауз аԥсуа-ҵкы ршәырҵон, уи иаҵыԥшны аиқәа умбо. Убри инаҷыдангьы иҟан аҽықәтәараан иршәырҵоз амизан-ҵкы. Ашьаҵатәы аганахьала, абжьааԥнытәи ажәцәеимаа анаҩсгьы, зышьхәақәа ҳаракыз, амҿы иалхыз аҟаԥҟаԥқәа ныҟәыргон.
Аамҭа наскьацыԥхьаӡа ашәҵатәгьы аҽаԥсахуан. Иахьа ақыҭақәа рҿы инхо аиҳабацәа роуп акасы ныҟәызго, иара убас ныҳәақәак рҿы акаси аԥыраҳәеи аԥҳәыс ҳамҭас илырҭоит (иаҳҳәап, Леиаа рныҳәараҿы ачакәаҳацәа рыцыԥхьаӡа акасқәеи аԥыраҳәа ҿыцқәеи рырҭоит). Егьи абжьарак европатәи амаҭәа аҳра ауеит, зны-зынла аԥсуа елементқәа злоу амаҭәа шубогьы. Иҳәатәуп, иахьагьы анҭыҵынтә иаауагьы ишазгәарҭо аԥсуаа амаҭәа аганахьала агьама ҳаракы шрымоу. Ус шакәугьы, ауаҩы иҭеиҭыԥши иҩнуҵҟатәи аԥшӡареи еицнеибаго иҟазароуп данарԥшӡо. Ԥсаҭа шкәакәа Боча Аџьынџьал иажәақәа рыла иаҳҳәозар: "Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс, амала ишәмыркьаҿцәалан".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: