Азаҭ ахь иаҵанакыр алшоит 50-ҩык рҟынӡа ҳуааԥсыра

Цәыббра 24 рзы Аԥсны Апарламент адепутатцәа цәыббра 24 рзы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 27 шықәса ахыҵра ахьӡала азаҭ аҭараз ақәҵара рыдыркылеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik.  Азаҭ ахь иаҵанакыр алшоит 50-ҩык рҟынӡа ҳуааԥсыра ҳәа иҳәеит апресс-конференциаҿ адепутат Валери Агрба. Макьаназы ишьақәырӷәӷәам ииашаҵәҟьаны заҟаҩ аҵанакуа.

Азаҭ ахь иаҵанакуеит зус ӡбаны иҭаркыз рыдагьы ашьаус зызхацыркугьы ҳәа иҳәеит адепутат.

Агрба игәаанагарала, азаҭ акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәа ҵаҵӷәык рымам, избанзар иарахьы иаҵанакуам ауаҩшьра, ауаҩы иӷьычра, ақәылара уҳәа ацәгьоура хьанҭақәа.

Ирхырымгац аамҭа абжаранӡа иркьаҿуп аибашьра аветеранцәа.

Адепутат иажәақәа рыла, ареспубликаҿ хышәҩык рҟынӡа абаандацәа ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: