Акоронавирус зцәа иалаз апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зланы иаадырԥшхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 1352-а ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Цәыббра 28 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 58 шықәса зхыҵуаз акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз апациент, иара уахь дҭашәеит цәыббра 9 рзы иԥсыԥ алагаҩагара ицәыуадаҩны, уи зыхҟьаз ирԥҳақәа рыҩбагьы бааԥсыла иалаҽыз ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра ахьимаз акәын. Уаанӡа иара аҩны иҽихәышәтәуан, аха иҭагылазаашьа аныбааԥсха, ахәышәтәырҭахь днаргеит. Цәыббра 20 рзы апациент арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылан, аха, иахәҭаз ацхыраара шизыҟарҵозгьы, цәыббра 28 рзы уи иԥсҭазаара далҵит иԥсыԥлагаҩагара аҽахьаруадаҩызи игәеисра аԥсыҽхара иахьаҿызи иахҟьаны. Иара убас апациент игәаҵәа ачымазареи егьырҭ асоматикатә чымазарақәеи иман", - ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.

Убас ала, Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 зыхьыз рахьтә зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 10-ҩык ыҟоуп.

Башкириатәи аҳақьымцәа ацхырааразы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь иааит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоровирустә инфекциа рылоу ирыламу азы агәаҭарақәа ирхысит 96-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 20-ҩык.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 114-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 106-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык, иҭҩаауп 9-ҩык.

Зыҩны зҽыԥхьакны зҽызхәышәтәуаз рахьтә 25-ҩык ргәы бзиахеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>