Кәыҵниаԥҳа апоетцәа ҿарацәа рыхәылԥаз азы: абаҩхатәра злоу аҿар ауаа дырдырра иазкуп
© Sputnik
"Аҟазара злоу аҿарацәа рыцхыраара иазырхоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит ари ахәылԥаз. Апроект рзырхоуп апоетцәа рыдагьы, асахьаҭыхыҩцәа, уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла зхы аӡыргара зцәыбаргу аҿар. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп дара-дара еибадырыр ахьрылшо агәыԥқәа раԥҵара. Апроект ҳалагеит апоетцәа рыла, ари ахәылԥаз иалахәхоит 20-ҩык, урҭ ирыԥхьоит рхатә аԥҵамҭақәа, иҟалоит ашәаԥҵаҩцәагьы, дара рҩымҭақәа ашәа аҵаҵан инарыгӡоит", - еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ашацкыра апоетцәа": Аԥсны алитературатә еилазаара ҿыц аԥҵахеит