Акоронавирус змаз Аԥсны атәылауаҩ Шәача ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит

Ахаҵа Шәачатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа №2 ахь днаган асанитартә авиациа ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Шәачатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа №2 аҟны иԥсҭазаара далҵит аԥснытәи апациент ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара апресс-маҵзура.

"59 шықәса зхыҵуаз COVID-19 змаз Аԥсны атәылауаҩ ахәышәтәырҭахь днаган. Идиагноз: акоронавирустә инфекциа ҿыц, ҩ-ганклатәи агәыҵәкра, ашьақәыӷәӷәара ҳаракы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уахыки-ҽнаки рыла Краснодартәи атәылаҿацә аҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус змаз ԥшьҩык, урҭ рҟынтәи хҩык Шәачатәиқәоуп. Апандемиа иалагазар, Ҟәбан рыԥсҭазаара иалҵхьеит 277 пациент COVID-19 рыманы.

Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, коронавирус иахҟьаны Аԥсны рыԥсҭазаара иалҵхьеит жәаҩык.

Ииасыз уахи-ҽни рыҩныҵҟа акоронавирустә инфекциа амазааразы атестқәа ирхысит 96-ҩык, адиагноз COVID-19 рзықәыргылан 20-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>