Акциа "Афырхацәа рымҩала" алахәылацәа Дранданӡа инаӡахьеит

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа "Афырхацәа рымҩала" ареспубликаҿы есышықәса имҩаԥыргоит 2007 шықәса раахыс.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Афырхацәа рымҩала" алахәылацәа Дранданӡа инаӡахьеит. Абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Диана Шьакаиаԥҳа.

Шьакаииаԥҳа "Афырхацәа рымҩала": шықәсык акциа иалахәылахаз анаҩсгьы даҳзааиуеит

Лара лажәақәа рыла, аныҟәара иалахәуп 170-ҩык рҟынӡа, амҩангьы қыҭацыԥхьаӡа ауаа рыцлоит. Аиҿкааҩцәа ишазԥхьагәарҭо ала, 190-ҩык рҟынӡа ҟалоит.

Акциа алахәылацәа мҩаԥыргоит Аԥсны ААР аусзуҩцәеи Ацхыраара ласы аусзуҩцәеи.

"Иҟоуп змашьынақәа рыла ҳамҩаԥызго. Зегьы ирылымшар ҟалоит амҩа хара ахысра. Иҟоуп 11-12 шықәса зхыҵуагьы. Мап рцәаҳамкит ианырҭахха. Иааԥсо амашьынақәа рахь инаагоит. Рыԥсы аныршьалак рымҩа иацырҵоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Шьакаиаԥҳа иазгәалҭеит акциа алахәылацәа ахыхьчаратә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго – асабрадақәа рҿоуп, арзҩыдаратә маҭәашьарқәа рхы иадырхәоит, излалшо ала адистанциа азгәарҭоит.

Цәыббра 29 рзы Тамшь ақыҭанӡа инаӡоит, алагер ргыланы иԥхьоит. Уа аветеранцәеи акциа алахәылацәеи еиԥылоит. Аветеранцәа аҿар ирхыргаз аҭоурыхқәа рзеиҭарҳәоит.

Цәыббра 30, ашьыжь акциа алахәылацәа рымҩа иацырҵоит. Асааҭ 15:00 рзы аҳәааҟынӡа анеира рыгәҭакуп.

Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2007 шықәса рзы. Усҟан уи иалахәын 200-ҩык инарзынаԥшуа.