Шьакаииаԥҳа "Афырхацәа рымҩала": шықәсык акциа иалахәылахаз анаҩсгьы даҳзааиуеит
© Sputnik
"Иаҳҭахуп аҿар ҳаибашьцәа рыхьӡ рхамышҭырц, Аиааира амш закәу рдыруазарц. Аҿаргьы рҭоурых адырра аинтерес рзаҵоуп. Аибашьцәеи дареи реиԥыларакәа ирызҿлымҳауп, даара иргәаԥхоит акциа, шықәсык иҳацлаз адырҩашықәсангьы иаауеит. Акциа ҩымш имҩаԥысуеит. 29 рзы Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿ ҳалагоит, амза 30 рзы Егры ҳнеирц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Шьакаииаԥҳа.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа "Афырхацәа рымҩала" ареспубликаҿы есышықәса имҩаԥыргоит 2007 шықәса раахыс.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Афырхацәа рымҩала": Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа мҩаԥгахоит Аԥсны