00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Афырхацәа рымҩала": Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа мҩаԥгахоит Аԥсны

© SputnikАкция "Путь наших героев"
Акция Путь наших героев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа "Афырхацәа рымҩала" ареспубликаҿы есышықәса имҩаԥыргоит 2007 шықәса раахыс.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку апатриоттә акциа "Афырхацәа рымҩала" ареспубликаҿы цәыббра 29 - 30 рзы имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит иара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Милана Ашәԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, акциа алахәылацәа цәыббра 29 асааҭ 7:30 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еиқәшәоит. Уантәи дара неиуеит Ахьӡ-аԥша апарк ашҟа. Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵаны рымҩа дырхоит Егры аӡиас ахь.

"Цәыббра 29 рзы Тамшь ақыҭан алагер ргыланы ҳаԥхьоит. Уа аветеранцәеи ҳареи ҳаиԥылоит. Дара ирхыргаз аҭоурыхқәа ҳзеиҭарҳәоит", - лҳәоит лара.

Цәыббра 30, ашьыжь акциа алахәылацәа рымҩа иацырҵоит. Асааҭ 15:00-16:00 рзы аҳәааҟынӡа анеира рыгәҭакуп.

© Foto / Диана Шакая "Афырхацәа рымҩала": Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа мҩаԥгахоит Аԥсны
Афырхацәа рымҩала: Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа мҩаԥгахоит Аԥсны - Sputnik Аҧсны
"Афырхацәа рымҩала": Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазку акциа мҩаԥгахоит Аԥсны

Ашәԥҳа иазгәалҭеит уажәнатә акциа рыҽшаладырхәхьо 120-ҩык, аха рхыԥхьаӡара 150-ҩык рҟынӡа инеип ҳәа иазыԥшуп, амҩан ауаа ахьрыцло азы.

"Аиҳарак студентцәоуп иалахәу. Ашколхәыҷқәа еиҳа имаҷуп. Есышықәса ҿыц акциа зхы алазырхәуа рхыԥхьаӡара иазҳауеит", - ҳәа лҳәоит лара.

Акциа амҩаԥгараан иазыԥхьагәаҭахоит ахыхьчаратә уснагӡатәқәа: ршоура ршәоит, асабрадақәеи арзҩыдагақәеи рзыршоит.

Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2007 шықәса рзы. Усҟан уи иалахәын 200-ҩык инарзынаԥшуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0